Какалиа: адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа алаҳгалоит рҳәеит

© Sputnik Сторонники антикоррупционного законодательства
 Сторонники антикоррупционного законодательства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц азы хәажәкыра 11 рзы акциа мҩаԥызго ирызнеиит шәҩыла ауаа.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Апарламент адепутатцәа акоррупциа иаҿагыло азакәан ариашарақәа алаҳгалоит рҳәеит. Абри атзы дазааҭгылеит Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҿаԥхьа дықәгыло аԥшьгаратә гәыԥ алахәыла Асҭамур Какалиа.

"Уажәы Апарламент аҿы аилацәажәара мҩаԥысуеит. Агәра ҳдыргеит уаҵәы асессиа мҩаԥаагоит, азакәан ариашарақәа алагаланы иҳадаҳкылоит ҳәа" - иҳәеит Какалиа.

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәыла Едуард Қәираиа еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит аибашьра ашьҭахь аӡәгьы ихахьы ишизаамгоз аԥсуа жәлар амлашьра итәар алшоит ҳәа. Иара дақәыӡбеит азакәан ариашарақәа ралагалара ариаҟара аамҭа ахьагаз.

Аԥсуа драматә театр адиректор хада Нодар Ҷанба акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽыҟажара аадырԥшырц. Иара убасгьы иазгәеиҭеит имлашьуа ирҳәо ауаажәлар иддырҳар шакәу.

Хәажәкыра 11 аҽны, Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы аҽеизгара иалагеит ООН Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ иадгыло атәылауаа.

Хәажәкыра 2 рзы хҩык ҳтәылауаа амлашьра иалагеит. Хәажәкыра 9 рзы урҭ ирыцлеит даҽа хҩык. Иахьазы имлашьуеит: Џьансыхә Адлеиба, Асида Кортуаԥҳа, Иван Ачба, Марина Агрԥҳа, Алина Ачԥҳа, Бота Ажьиба.

Голодовка  - Sputnik Аҧсны
200-ҩык рҟынӡа акоррупциа иаҿагыло акциа иалахәуп

Дара дҵаны иқәдыргылоит Апарламент адепутатцәа "Амаҵзурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан ахь хара имгакәа ариашарақәа аларгаларц.

ЕАР Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара адгылаҩцәа ражәақәа рыла, хәажәкыра 9 рзы 5000 напынҵамҭа еизыргахьан, даҽа 2000 напынҵамҭа атәыла егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рҟны еизгоуп.

Аԥсныҟа иара убас иааргеит Шәачатәи ҳдиаспораҟынтәи анапынҵамҭақәа шәкы. Анапаҵаҩра хыркәшахар, урҭ зегьы Апарламент ахь инарышьҭуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0