Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа" ндырҵәеит

Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ 300-ҩык рҟынӡа аруаа, аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор" акәылӡтәы автомашьынақәа КамАЗ "Мустанг" реиԥш зеиԥшу 30 ак арратә техника алархәны Ҵабал арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа рыцхыраарала. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа". Абри атәы аанацҳауеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Мчыбжьык иназынаԥшуа, аполигон Ҵабал аҟны Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа - авинтовкақәа "Винторез", апулемиотқәа "Печенег" рыцхыраарала. Ҷыдала азхьаԥшра арҭон еиҭарго, ановигациатә система ала еиқәыршәоу акомплекс "Стрелец" ахархәара", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мчыбжьык иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, аибашьра адәаҿтәи аҭагылазаашьа еиҳа арзааигәаразы ахархәара роуит аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа, ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа ҳәаа ҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: