Артиллеристцәа Аԥсны аполигонқәа рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Артиллеристцәа Аԥсны аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. Аҽазыҟаҵарақәа рыбжакы уахынла имҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база артиллеристцәа Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны аштаттә хысрақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аруаа ашьхараҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аррамаҵзурауаа рҽазыҟаҵашьа аадырԥшуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

Аҽазыҟаҵарақәа раан аруаа 20 нызқь рҟынӡа хы ҭдырҟьоит артиллериатә бџьар ала. Арахь иаҵанакуеит 152-миллиметроа згәыцә ыҟоу зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акация", 122-миллиметроа згәыцә ыҟоу ареактивтә система"Град", 120-миллиметроа згәыцә ыҟоу а минометқәа.

Артиллеристцәа ирыцхраауеит амотохысцәа, атанкистцәа, авиациа.

Аҽазыҟаҵарақәа иааидкыланы 100000-ҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи рылахәхоит.