Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит

Акоронавирус аҿагыларазы раԥхьатәи агуманитартә цхыраара ааит Аԥсны аиҳабыра Еиду амилаҭқәа реиҿкаараҟны аус зуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рахь официалла аҳәара анынарышьҭыз ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи агуманитартә еидара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәи, уи иалоуп амедицинатә усзуҩцәа акоронавирус рацәыхьчаразы иақәнагоу ахархәагақәеи ахәшәқәеи. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзура.

"Хара имгакәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәи иҵегьы ацхыраара ҳазыԥшуп, Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара ахаҭарнакцәагьы аар ҟалоит Аԥсны аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы", - ҳәа азгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Иааираны иҟоу ацхыраараҟны иҟалоит акоронавирус хаҭалатәи ацәыхьчаразы ахархәагақәа ркомплектқәа 500. 

Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, Асанитартә епидемиатә станциа иаиуит амедицинатә усзуҩцәа рыхьчаразы иаҭахыз ахархәага ҷыдақәа - иҷыдоу афильтр змоу асабрадақәа, иҷыдоу амедицинатә комбинезонқәа, анапҭарԥақәа, акостиумқәа, зныктәи ахархәаразы ашьаршьафқәеи абахилқәеи.

Иааиз агуманитартә еидара нашьҭхоит Аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансер ахь, уаҟа ауп иахьазгәаҭоу аӡәыр акоронавирус ихьыр ихәышәтәра амҩаԥгара.

Асанитартә епидемиатә станциа аспециалистцәа есҽны имҩаԥыргоит Аԥсны ауаажәларратә транспорт иҷыдоу ахәшәқәа рыла аус рыдулара ашьыжь иандәықәлои, иара убас ахәылбыҽха автопарк ахь ианыхынҳәуеи. 

Иара убас Аԥсныҟа иаарышьҭит иҷыдоу атепловизор, уи иааиуа амшқәа рзы ишьақәыргылахоит Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны асаниатар-карантинтә ҭыԥ аҟны. Уи аурыс-аԥсуа ҳәааҟны акоронавирус рыхьуеит ҳәа гәҩарас ироуа атәылауаа гәазҭо аҳақьымцәа русура акыр иацхраауеит. 

"Уи атепловизор иҟанаҵо агәаҭарақәа акыр ииашоуп, аусурагьы алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, секундқәак рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа ауааԥсыра рымцашоура гәанаҭоит, аградус ажәабатәи ахәҭақәа рҟынӡа ииашаны. Уи шьақәҳагылоит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу аҟны", - лҳәеит Скорик.

Аԥсны акоронавирус аҿагыларазы амедусзуҩцәа рзы агуманитартә цхыраара ааит

Аусбарҭа апресс-маҵзураҟны иара убас излазгәарҭаз ала, асанитар-епидемиологиатә маҵзура шықәсқәак рыҩнуҵҟа иҷыдоу автомобиль ала ацәарҭамаҭәеи итатоу ахархәагақәеи адезинфекциа шырзыруа, уигьы атәылаҿы акоронавирус иаҿагыланы ақәԥараҟны ахархәара шаиуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: