Аҟәа ақалақь ахәҭак лашарада иаанхеит

Хәажәкыра 16 ашьыжь асааҭ ԥшьба инаркны аҳҭнықалақь ахәҭак лашарада иаанхеит ҳәа иҳәеит афымцахархәагақәа Аҟәатәи русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Сааҭқәак рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақь ахәҭак лашарада иаанхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афымцахархәагақәа Аҟәатәи русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

"Астанциа маҷ НИИ ЭПиТ аҿы авариа ҟалеит. Ишьақәҟьеит ажәбатәи афидер. Уи аремонт мҩаԥыргоит "Амшынеиқәафымцамч" абригада", - иҳәеит иара.

Лакоба, Карл Маркс уҳәа ақалақь иалсуа амҩадуқәак рҟны афымцалашара ыҟамызт. Уажәазы зегь шьақәыргылоуп, ауааԥсыра фымцалашарала еиқәыршәоуп иҳәоит Џьынџьал.