Арадио

Ажурналист Инаԥшьба: аибашьра аахыижьҭеи сирамш азгәасҭаӡом

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, арратә корреспондент, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Даур Инаԥшьба иахьа 60 шықәса ихыҵит. Иирамш аҽны арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ииубилеи дшазыҟоу.
Sputnik
Ажурналист Инаԥшьба: аибашьра аахыижьҭеи сирамш азгәасҭаӡом

Ауаҩы данажәуа игәалаҟазаара ыҟам ҳәа длафуеит ажурналист Даур Инаԥшьба.

"Сара саныҷкәыназ акәын сирамш аназгәасҭоз. Ишдыру еиԥш, амза 16, 1993 шықәсазы ажәылара ыҟан Гәымсҭатәи афронт ала. Ҳашьцәа-ҳаҳәшьцәа рацәаҩны иҭахеит, уи аахыижьҭеи исзааигәоу џьара ҳнеидтәаланы иҭахаз рыхьӡала ҵәыцак аанаҳамкылозар, егьыс иазгәасҭаӡом сирамш. Аибашьра ахҭысқәа иахьатәи амш еиԥш сыбла ихгылоуп, уи сымацара сакәым - иалахәыз, аибашьра иахаану зегьы рҿы усоуп. Зегь раасҭа итрагедиан ҳәа сыԥхьаӡоит аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот ақырҭцәа еихсны Лаҭа ианкарыжь. Уи ахаан угәы иҭымӡаауа хҭысны иҟоуп", - иҳәеит Инаԥшьба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: