Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа

© Foto / Марина БарцыцГәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз
Гәымсҭа аӡиас ҳаибашьцәа аныруаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны хашҭра зқәым, реиҳа ишьаарҵәыроу хҭысхеит аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы имҩаԥгаз март 15-16-тәи ажәылара. Саида Жьиԥҳа дрыҿцәажәеит ареспубликатә хәышәтәырҭа авара ҳаӷацәа иржыз ҳаибашьцәа рыԥсыҵхра иалахәыз ҳҵеицәа рҭынхацәа.

Гәымсҭа ирны ажәылара аԥшьызгаз, аӷа имацәаз иҭашәаз, ихәыз, ишьыз аԥсуа еибашьцәа ҭҟәаны, ареспубликатә хәышәтәырҭа авара адгьыл жны, аӷацәа анышә рықәыԥсаны иржит... Аибашьра анынҵәаз ашьҭахь, абҵарамза 1993 шықәсазы, хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз рыԥсыбаҩ аҵхра азин аныҟала, нап аркхеит аибашьцәа анышә реиҭамадара. Шықәсыбжак иалагӡаны анышә иафахьаз аибашьцәа рхаҭара ашьақәыргылара хымԥада иуадаҩын, аха аҭаацәарақәа ргәы ҿаҳәаны, ргәакьацәа иршәыз амаҭәеи еиқәханы иҟаз рымаха-рышьаха хәҭақәак рыла ирдыруан, иҟалеит еилкаамхазгьы.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аибашьраҿы иҭахаз изкны аматериал анеидукыло, хымԥада угәы ухьуеит, аха иара иӡбахә ала игәакьацәа уанрыҿцәажәо, рыбла уанхыԥшыло, еиҳа иуадаҩзаап. Урҭ ацәаныррақәа реиҭаҳәара мариам. Убас сшьапы ахықәгылара сылымшо, сылаӷырӡқәа ҵәахуа акәын Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа аԥсыҵхра ишалахәыз атәы сшазҵаауаз.

Бойцы абхазской армии отдыхают после выхода из боя - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Марттәи ажәылара 1993 шықәсазы

Нонна Марӷазиаԥҳа лгәалашәарақәа

Гагра ақалақь инхо Нонна Марӷазиаԥҳа, 1993 шықәса абҵарамзазы далахәын Аҟәа ареспубликатә хәышәтәырҭа авара ижыз, марттәи ажәылараан иҭахаз лыԥшәма Вадим Дбар ихаҭара ашьақәыргылара. Хҩык ахәыҷқәа ран хаҵа нагак илымшо лылыршаны, "инышәынҭра ҟалар иангьы лнапы ықәлымшьо" ҳәа лгәы ҿаҳәаны, ахлымӡаах далаԥшит.

"Усҟан џьаҳаным ззырҳәо аамҭа ҳҭагылан. Хыԥхьаӡара рацәала ажәлар еизаны, игәынқьуа рыҷкәынцәа ирышьҭан. Ажыгақәа рыла иҵырхуаз аԥсцәа иазусҭцәоу реилкаара уадаҩын. Зыбжа анышә иафахьаз рымаҭәала ирдыруан, мамзар дырга ҷыдак рымазар, уи ала. Сара сыԥсы сылышәшәо, аӡәаӡәала ихаргалоз аԥсцәа срылаԥшон. Усгьы иаразнак иудыруадаз, инарҳәы-аарҳәтәын. Лыԥсаҭа бзиахааит, Ҭина Пагааԥҳа ҳәа амедиаҳәшьеи иахьа аԥсуа капеллаҿы ахкы назыгӡо Руслан Габлиеи сыцхрааны, сыԥшәма аԥсцәа дрылаҳкааит", - еиҭалҳәоит аԥҳәыс еиба.

Вадим Дбар данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден. Аибашьҩы анышә деиҭамардеит иаб игәараҭа Бармышь.  Нонна Марӷазиаԥҳа аибашьраан илыцәҭахеит ҩыџьа лашьцәа гәакьацәагьы Гәырами, Оҭари. Абриаҟара гәырҩа зхызгаз аԥҳәыс иахьа илааӡаз лыхшара рыла лгәы дууп. Лыԥсҭазаара дырлашоит лмоҭацәагьы.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Оҭырба: Марттәи ажәылара ашьҭахь аӷа еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз

Ҭенгиз Габуниа игәалашәарақәа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Пицундатәи ахԥатәи абаталион алахәҩы Ҭенгиз Габуниа аԥсыҵхра иалахәыз дыруаӡәкыуп. Иара марттәи ажәылараан ицәҭахеит ҩыџьа иаҳәшьаԥацәа Баҭал Џьапуеи Мераб Ҭарнааи. Аҷкәынцәа Валера Багаҭелиа командаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ "Бабаду" иалан. Уажәы-уажәы анышә иалырԥшаауаз аԥсцәа иблаҿы изызҳаз иаҳәшьаԥацәа ракәхар изычҳарыма ҳәа дышхәыцуаз, иԥсы анеилахәоз ыҟан, аха имч еибыҭаны, икәша-мыкәша илаӷырӡашуа игылаз анацәеи, абацәеи дрызхәыцны дызҿыз аус наигӡон.

"Аԥсыҵхра еицәоу акы ыҟоуп ҳәа сыҟам... Усҟантәи аамҭазы иаԥҵаз аҭагылазаашьа уадаҩын сҳәар, уи акагьы сымҳәеит ауп иаанаго. Убра игылаз аӡәи-аӡәи рхы шьҭыхны еиҿаԥшӡомызт. Ажрантәи иҭыргоз аԥсы иахь акәын рыхшыҩ ахьыҟаз. Аԥсыҵхра иаҿыз асабрадақәа ҳхан, ауаҭка ҳдыржәуан адезинфекциазы, избанзар афҩы ачҳара уадаҩын, уарчмазаҩуан. Аха уеизгьы сара акраамҭа асабрада сызныҟәымгеит, исхысхит. Аҵыхәтәаны сгәабзиарагьы иаԥырхагахеит. Абри аус хьанҭа аиҿкаареи анагӡареи рҿы илшамҭа ӷәӷәоуп Леонид Лакербаиа", - амш еиқәаҵәақәа дрылацәажәоит аибашьра аветеран.

Нугзар Чачибая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аветеран: Марттәи ажәылараан зынӡа иқәыԥшқәаз аҷкәынцәа ҳацәҭахеит

Ҭенгиз Габуниа аԥсыҵхра ашьҭахь имаҭәа ҩынтә-хынтә иаҳәшьа илыӡәӡәеит, аха, аԥсфҩы анахымҵ, ирблит. Шықәсык аҩнуҵҟа аҳақьым иҟны агәаҭарақәа дырхысуан. Уахынла дзыцәомызт, иблаҿы иааиуан дызлаԥшыз ахлымӡаах. Иԥсыԥ аивгарагьы дацәшәон, аԥсфҩы акәын иԥынҵа иҭасуаз.

Марттәи ажәылараан иҭахаз Ҭенгиз Габуниа иаҳәшьаԥацәа рымаҭәа иадӡахылаз адырга ҷыдақәа рыла рхаҭара шьақәыргылан. Издырызгьы анацәа руаӡә лоуп. Баҭал Џьапуа Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә дамадоуп. Данҭаха ашьҭахь Леон иорден ианашьан, Мераб Ҭарнаа Лыхны иаб игәараҭа джуп, ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Инга Барцыцԥҳа, Белла Барцыцԥҳа, Ҭенгиз Габуниа
Ахлымӡаах иалаԥшыз: Марттәи ажәылараан иҭахаз рыԥсыбаҩ ыҵызхуаз ргәалашәарақәа - Sputnik Аҧсны
Инга Барцыцԥҳа, Белла Барцыцԥҳа, Ҭенгиз Габуниа

Белла Барцыцԥҳа лгәалашәарақәа

Ԥшьымш инеиԥынкыланы, Гагрантәи атранспорт ԥсахуа Аҟәаҟа аԥсыҵхрахь даауан апоетесса, ажурналист Белла Барцыцԥҳа.

Аха араҟа абжьааԥнеиԥш ауаа рҿахәы рҿылхыртә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟамызт. Ажәлар анеиқәҿырҭуаз аԥсцәа рхаҭара анышьақәдыргылоз акәын.

Мемориальные доски погибшим в Мартовском наступлении Руслану Шинкуба, Джамбулу Зарандия, добровольцу из Сирии Джаркасу Гасану и добровольцам из Кабардино-Балкарии Аслану Ажгериеву и Валерию Берхамову. - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Валери Берҳам хатәгәаԥхарала еибашьуаз зегьы дреиҵбын

"Абри аҭыԥ аҟны сызлаԥшыз аҩыза ԥхыӡлагьы исымбацызт. Ашәы зхьыкәкәа игылаз анацәа рахьтә аӡәы лыҷкәын данылбалак, рыӡӷқәа цәыкәкәуа амыткәма аҳәара иалагон зегьы. Нас, ибыбаргыуи, быҷкәын игәы бнапы ықәыбшьратәы бҟалоит" ҳәа ддырҭынчуан. Сара сқьаадқәа ирнысҵоз сӡырҩны исаҳауаз ауп, ауаа срыдгыланы зҵаарак рысҭартә еиԥш иҟаз ҭыԥмызт ари. Нелли Ҭарԥҳаи сареи абжьааԥны ҳаибамбар ҳзычҳауамызт. Аха абра дгылан дыԥсымкәа, дыбзамкәа. Дишьҭан лашьа иԥа Арзик", - еиҭалҳәоит апоетесса.

Аԥсыҵхраан зхаҭара шьақәыргылаз аибашьцәа аӡәырҩы раб иҩны анышә еиҭамадан. Егьырҭ Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны. Шықәсқәак раԥхьа Аџьар ҟаԥшь ацхыраарала нап зыркхаз аексгумациа иабзоураны еилкаахаз аибашьцәа рацәаҩхеит. Ииашоуп, иԥсыз дузырхынҳәуам, аха аҭаацәа ирыцәҭахаз иԥсыбаҩ ахьыҟоу аҭыԥ анырдыруа, зегь акоуп ргәы, маҷк иадамзаргьы, идырҭынчуеит...

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0