Китаи авирус здырбалаз реиҳараҩык ргәабзиара ашьақәгылара иаҿуп

КЖәР агәабзиарахьчаразы аҳәынҭеилакы адыррақәа рыла, ииасыз амчыбжь азы аепидемиа ашыкьымҭа иахысуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Китаи коронавирус COVID-19 здырбалаз реиҳараҩык ргәабзиара шьақәгылеит. Иахьазы уи арбага 84% ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, КЖәР агәабзиарахьчаразы аҳәынҭеилакы адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Италиа авирус ҿкы иахҟьаны 368-ҩык ауаа ҭахеит уахыки-ҽнаки рыла

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Китаи коронавирус рыман 80 860-ҩык. Урҭ рҟынтәи 67 749-ҩык ахәышәтәырҭақәа ирылҩаауп (83,78%). Иахьазы ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 9 898-ҩык.

Авирус ахы ахьыҵнахыз апровинциа Хубеи аҿы авирус рыман 67 798-ҩык, иԥсит 3099-ҩык (4,57%).

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара ирыланаҳәеит коронавирус апандемиа.

КЖәР агәабзиарахьчаразы аҳәынҭеилакы адыррақәа рыла, ииасыз амчыбжь азы аепидемиа ашыкьымҭа иахысуп.

Иахьатәи аамҭазы Китаи иашьҭанеиуеит Италиа.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: