Шәача ақалақьуаа амшцәгьа иазыԥшуп

Аиқәырхаҩцәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ргәы рҽанырҵоит асы леир ҟалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Шәача ақалақь амаҵзурақәа аҳауа аҽеиҭакра иазыхиоуп. Ақалақь аҿы иазыԥшуп аси аԥшаӷьи ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

"Аԥшаӷьы секундк ала 17 метра аццакра ҟалар алшоит. Хәажәкыра 16, ашьыжь ҭыԥқәак рҿы ақәабаа-сабаа ауеит. Амҩақәа рҿы иқәҵаауп", - аҳәоит адырраҭара.

Аиқәырхаҩцәа ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ргәы рҽанырҵоит рмашьынақәа аҵлақәеи аӡыргаратә ҭыԥқәеи ирыҵадмыргылаларц.

Анаҟә иахҟьаны иахьа шәачатәи аҳаирбаӷәаза Москвеи Санкт-Петербурги рҟынтәи аҳаирпланқәа ҩба аднамкылеит. Аҳаирпланқәа нашьҭын Краснодар аҳаирбаӷәазахь.