Арадио

Сурманиӡе Марттәи ажәыларазы: алҵшәа ахьыҟамлаз агәкажьра ҳнамҭаӡеит

Марттәи ажәылара иалахәыз аибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Авҭандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара.
Sputnik
Сурманиӡе Марттәи ажәыларазы: алҵшәа ахьыҟамлаз агәкажьра ҳнамҭаӡеит

"Ҳара иҳалшоз ҟаҳҵеит, аҵыхәтәанынӡа иаҳзынамыгӡеит. Ақалақь алаларагьы уаҩы илиршон, џьоукы алалеит, даҽа џьоукы заламлеит, иманшәаламхеит, аха агәкажьра ҳмоуит, еицыз аԥсуа ҷкәынцәа аӡәгьы аҩныҟа ҳамцаӡеит. Ажәылара ашьҭахь ҳаныхынҳә, ахьҭагьы амлагьы ҳакуан, аха аӡәгьы уи хьаас имамызт, зегьы ҳгәы иалаз ақалақь ҳалалны ҳус ахьаҳзынамыгӡаз ауп. Убри аан иҟаҳҵазгьы маҷым, аҷкәынцәа ирҳәон иахьа изалымҵызаргьы, ҳҽеизаҳгоит, мызкы-ҩымз царгьы, ақалақь ҳалаланы аӷацәа ықәҳамцар ҳауӡом ҳәа. Агәкажьра ҟарымҵаӡеит уи ашьҭахь. Аибашьраҿы ажәылара - еснагь ԥышәароуп", - иҳәеит Сурманиӡе.

1993 шықәса, хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы амза 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: