Аҟәа ауаажәларратә транспорт адезинфекциа азыруа иалагеит

Ареспублика аҩнуҵҟа акоронавирус аларҵәара алмыршаразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аамҭала иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аҟәа ауаажәларратә транспорт – атроллеибусқәеи автобусқәеи адезинфекциа рзыруа иалагеит акоронавирустә инфекциа аҿагыларак аҳасаб ала.

"Аусҳәарҭабжьаратә штаб аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа есыҽны аҳҭнықалақь ауаажәларратә транспорт аус адулара ҷыда мҩаԥыргалоит", - ҳәа азгәанаҭоит Агәабзиарахьчара аминистрра Facebook аҟны адаҟьаҿы.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны, Аԥсны акоронавирус COVID-19 змоу ҳәа уаҩ дыҟам. Sputnik аинтервиу азҭаз аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа.

Аԥсны иаиураны иҟоуп агуманитартә цхыраара амедперсонал акоронавирус рацәыхьчаразы. Уаанӡа арахь иааргеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иқәыргылахо атепловизор.

Ареспублика аҩнуҵҟа акоронавирус алаҵәара алмыршаразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хәажәкыра 12 инаркны иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: