Арадио

Аҳақьым Шьоууа акоронавирус азы: аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, ажәлар аиаша рдырроуп

Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым ахада Гәырам Шьоууа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит араионтә хәышәтәырҭа аусура шеиҿкаау адунеи зегь аҿы акоронавирус алаҵәара анамоу аамҭазы.
Sputnik
Аҳақьым Шьоууа акоронавирус азы: аҭагылазаашьа зеиԥшразаалакгьы, ажәлар аиаша рдырроуп

"Аекспресс гәаҭақәа ҳара иҳамаӡам. Аҟәатәи алабораториақәа руак аҿоуп иахьыҟоу, дара аус рыдуаларазы иҟоуп иҷыдоу аспециалистцәа, урҭ рыдагьы аӡәгьы инапаҵаҟа иҟам. Ҳара ҳхәышәтәырҭахь ашоура змоу, еимҳәо анааилак, ҳиазҵаауеит дабаҟаз, дахьынхо, ааигәа аҳәаанырцәынтәи даама - убри зегьы еилаҳкаауеит. Макьана аӡәгьы акоронавирус имоуп ҳәа агәҩара ҳаманы ареспубликатә хышәтәырҭахь даҳмышьҭыц. Акоронавирус аҽацәыхьчаразы аусбарҭабжьаратә штаб иалоу зегьы акырынтә аилацәажәарақәа мҩаԥаагахьеит, еснагь исҳәоит: иага хҭыск ҟаларгьы, ажәлар аиаша шраҳәатәу, убри аан жәларгьы ахымҩаԥгашьа иақәшәароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Шьоууа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: