Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы акоронавирус зыхьуа рзы 20 палата рхиахоит

Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы 20 палата акоронавирус зыхьуа рзы ирхиахоит
Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы 20 палата акоронавирус зыхьуа рзы ирхиахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 14 рзы Аԥсныҟа иааит акоронавирус аҿагыларазы ахархәагақәа злоу раԥхьатәи агуманитартә цхыраара.

АҞӘА, хәажәкыра 17– Sputnik. Аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансер аҿы идырхиоит 20 палата, акоронавирус аӡәыр ихьыр дахьышьҭарҵо ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Џьумбер Гәаԥиа.

Хәажәкыра 14 рзы Аԥсныҟа иааит амедусзуҩцәа рзы раԥхьатәи агуманитартә цхыраара - акоронавирус аҿагыларатә хархәагақәа. Урҭ рыхәҭак Гәылрыԥшьтәи адиспансер ахь инарышьҭит иҳәеит иара.

Палатацыԥхьаӡа иазгәаҭахоит аҳауа зрыцқьо алампақәа рықәыргылара. Иара убасгьы ҷыдала иазԥхьагәаҭахоит ҩ-палатак – еиҳа авирус здаапкылан иҟалар зылшо рзы. Уа иргылахоит арыԥҳақәа аҳауа рзыназышьҭуа аппаратқәа. Зынӡа адиспансер иамоуп алшара 60-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыдкылара.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны Аԥсны акоронавирус COVID-19 змоу ҳәа уаҩ дыҟам. Sputnik аинтервиу азҭаз аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа.

Иара убасгьы Аԥсны иаиураны иҟоуп агуманитартә цхыраара амедперсонал акоронавирус рацәыхьчаразы. Уаанӡа арахь иааргахьеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иқәыргылахо атепловизор. Ареспублика аҩнуҵҟа акоронавирус алаҵәара алмыршаразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хәажәкыра 12 инаркны иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.

Хәажәкыра 14 раахыс иаркуп Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0