Агәабзиарахьчара аминистрра: акоронавирус азы агәаҭара иалагоит хәажәкыра 21 рзы

Акоронавирус адиагностикеи уи аҟынтә аҽыхәышәтәреи алшоит Аҟәа Аҿкы чымазарақәа рыхәышәтәырҭеи Гәылрыԥшьтәи аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансери рҿы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Ареспублика аҩнуҵҟа акоронавирус аганахьала аҽгәаҭара ҟалоит хәажәкыра 21 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра апресс-маҵзураҿы.

"Акоронавирус агәаҭаразы атестқәа хәажәкыра 20 рзы иҳаур, акоронавирус имоуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩԥсы Аҟәа аҿкытә чымазарақәа рыхәышәтәырҭеи Гәылрыԥшьтәи аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансери рҿы агәаҭара дахрыжьуеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Атест-системақәа шааргалак, еихыршоит. Хәажәкыра 21 рзы ауаа алшара роуеит адиагностика амҩаԥгара.

Зхы бааԥсны избаз ауаҩы аҳақьым иахь днеироуп. Уи иҭагылазаашьа зеиԥшроу еиԥш, аҳақьым иӡбоит уи наҟ-наҟ дахьышьҭтәу - Аҿкы чымазарақәа рыхәышәтәырҭахь акәу Гәылрыԥшьтәи аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансер ахь акәу. Гәылрыԥшьтәи аимҳәаду аҿагыларазы ареспубликатә диспансер ҳтәылаҿы акоронавирус аҿагыларазы иҭыԥ хадахоит, аҳәоит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Гәылрыԥшьтәи адиспансер аҿы акоронавирус зыхьуа рзы 20 палата рхиахоит

Хәажәкыра 14 рзы Аԥсныҟа иааит раԥхьатәи агуманитартә цхыраара - акоронавирус аҿагыларатә хархәагақәа. Амедицинатә хархәагақәа рыда, асанитар-карантинтә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны иқәыргылахо атепловизоргьы ааргеит.

Уаанӡа Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура адырра ҟанаҵахьан асанитар-епидемиологиатә маҵзура шықәсқәак рыҩнуҵҟа иҷыдоу автомобиль ала ацәарҭамаҭәеи итатоу ахархәагақәеи адезинфекциа шырзыруа, уигьы атәылаҿы акоронавирус иаҿагыланы ақәԥараҟны ахархәара шаиуа.

Иара убасгьы Аԥсны иаиураны иҟоуп амедперсонал акоронавирус рацәыхьчаразы агуманитартә цхыраара аҩбатәи апартиа. Ареспублика аҩнуҵҟа акоронавирус алаҵәара алмыршаразы акультура-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара хәажәкыра 12 инаркны мшаԥы 7-нӡа иаанкылоуп, ашколхәыҷқәа мчыбжьык ҳәа аԥсшьарамшқәа рыҭоуп.

Хәажәкыра 14 раахыс иаркуп Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: