"Амцахара" ахҳәаа азнауит апартиа алахәылацәа руаӡәк ирбаандаҩра ахҭыс

ААР иааныркылеит Аҟәа ақалақь ауааԥсыра ԥшьҩык урҭ аӷьычра аҽызашәареи амилициа аусзуҩцәа рҿагылареи ашьҭахь. Иаанкылоу руаӡәк Мизан Зыхәба "Амцахара" далахәылоуп, апартиа асаит аҟны ишаҳәо ала, арегионалтә ҟәшақәа руак напхгара аиҭоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аполитикатә партиа "Амцахара" аофициалтә ҳәамҭа ҟанаҵеит аҭагылазаашьа аполитикатә ҟазшьа аҭара ахәҭам ҳәа. Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Мизан Зыхәба апартиа "Амцахара" далахәылоуп, аха ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иштабқәа руак напхгара аиҭом ҳәа.

"Иаҳҳәар ҳалшоит Мизан Зыхәба - зхатә граждантә позициа змоу, апартиа "Амцахара" акала изырԥхашьаша ак ҟазымҵац, азинеилагара ҳәа ак мҩаԥызымгац уаҩуп ҳәа", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Мизан Зыхәба "Амцахара" далахәылоуп, апартиа асаит аҟны ишаҳәо ала, арегионалтә ҟәшақәа руак, ақалақь Аҟәа иатәу, напхгара аиҭоит. Аха абри аганахьала "Амцахара" аҳәамҭаҿы акгьы арбаӡам.

"Амцахара" ахҳәаа азнауит апартиа алахәылацәа руаӡәк ирбаандаҩра ахҭыс

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Аҟәа ақалақь ауааԥсыра - Аинар Зыхәба, Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Гарри Аҩӡба - аанкылоуп Аҩнуҵҟатәи аусқәа Аҟәатәи русбарҭа ашьаусԥшааҩцәа аҿагылара анрырҭа ашьҭахь.

Уи аԥхьа асоциалтә ҳақәа рҿы иалацәажәон Мизан Зыхәба апартиа "Амцахара" алахәыла, ахадарахьы акандидат Аслан Бжьаниа иштабқәа руак напхгара аиҭоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: