Аԥсны ашьхараҿы "адиверсантцәа ҭадырхеит"

Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит изакәаным аиҿкаарақәа "рдиверсантцәа" рыԥшаареи рҭархареи рзы аԥшыхәратә ҵара. Рхы иадырхәеит 50 рҟынӡа аимитациатә зариадқәа ИМ-120, х-нызқь рҟынӡа апатронқәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа арратә дәқәа рҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа". Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Азыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа раан аԥшыхәцәа 150 километра ирхысит акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82А рыла. Аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргоз аԥшыхәратә ҵараан ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа: агранатаршәгақәа РПГ-7, Калашников иавтоматқәеи ипулемиотқәеи АК74-М.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мчыбжьык иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара хықәкыс иаман абџьари атехникеи еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы рхархәара.

Иара убасгьы ахархәара рыҭан акәылӡы зқәу автомашьынақәа "Тигр", КамАЗ, "Мустанг".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: