Алаинер "Князь Владимир" акруизқәа мап рыцәнакуам

2020 шықәса рзы аӷба анавигациатә аамҭа уаанӡа аасҭа акыр еиҳауп: хәажәкыра 1 инаркны жьҭаарамза анҵәамҭанӡа аҵанакуеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" аныҟәарақәа шазԥхьагәаҭоу еиԥш имҩаԥнагоит, акоронавирус атурқәа раахәара иаԥырхагамхеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра "Черноморские круизы" ахаҭарнакцәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Князь Владимир" акруизтә сезон хацнаркит

2020 шықәса рзы "Князь Владимир" Амшын еиқәа аҵакыраҿы ҩымз рыла заа асезон хацнаркит 2019 шықәса аан аасҭа – хәажәкыра 1 азы, 2019 шықәсазы – лаҵара 12, 2018 шықәсазы – нанҳәа 8, 2017 шықәсазы – рашәара 11.

"2017-2019 шықәсқәа рзы "Князь Владимир" аԥхарра аамҭақәа раан акәын ианныҟәоз. 2020 шықәсазы ҳара иҳаӡбеит хәажәкыра 1 азы иааҳартырц аныҟәарақәа. Иҟоу аҭагылазаашьа ҳԥырхагам, ауаа аброн ҟарҵоит. Макьаназы зегьы аплан ишарбо ицоит" рҳәеит аилахәыраҿы.

Сынтәа амаршрут Шәача – Новороссииск – Иалта - Севастополь – Шәача иацлоит Аԥсны. Алаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәаза фынтә иҭалоит абри аамҭа иалагӡаны.

"Князь Владимир" агәаҭаратә ҭалара мҩаԥнагеит Аҟәатәи абаӷәазахь ԥхынҷкәын 2, 2019 шықәсазы.

"Князь Владимир" 600-700-ҩык апассаџьырцәа ныҟәнагоит. Акруиз зегьы иреиҵоу ахәԥса – 27 000 мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: