АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра атәылахь аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ралалара аамҭала иԥнакуеит акоронавирус иахырҟьаны. Аԥкра хацыркхоит хәажәкыра 18 рзы, иаԥыххоит лаҵара 1 азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Иахьазы Урыстәыла авирус рымоуп 93-ҩык. Москва – 53-ҩык. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова ишылҳәаз ала 86 хҭыс атәылахь иаагоуп. Ԥшьҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит егьырҭ ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп.
Иахьа ашьыжь аԥыза-министр Михаил Мишустин аоперативтә еилацәажәараан иҳәеит Урыстәылеи Белоруссиеи рҳәаа шаркхо.
Еврокомиссиа акәзаргьы, ажәалагала ҟанаҵеит Евроеидгыла атәылақәа рҳәаа 30 мшы иаркызарц fкоронавирус ашәарҭаразы.
Аха Еврохеилак ахада Шарль Мишель иазгәеиҭеит абри аҩыза аӡбамҭа аидгыла алахәыла-тәылақәа 27 зегьы еицҿакрыла иақәшаҳаҭхар ауп ҳәа.
Хәажәкыра 11 рзы ВОЗ акоронавирус COVID-19 пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵоит атәымтәылауаа рзы аҳәаақәа аркызарц
Италиа авирус ҿкы иахҟьаны 368-ҩык ауаа ҭахеит уахыки-ҽнаки рыла