Аминистрцәа реилазаараҿы арезервтә фонд аныхшьа иалацәажәеит

Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аԥарақәа рзырхахоит: иазыԥхьагәаҭамыз аремонттә усурақәа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аҳәынҭқарратә мчрақәа русура арманшәалара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аусдҵа арезервтә фонд 14 091 836 мааҭ ахышәа-ҵышәала иныхзарц.

Аусдҵа рыдигалеит аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

Адокумент инақәыршәаны, Афинансқәа рминистрра анапы ианҵахоит арезервтә фонд аҟынтәи иазыԥхьагәаҭамыз аремонттә усурақәа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аҳәынҭқарратә мчрақәа русура арманшәаларазы аԥаразоужьра мҩаԥнагаларц.

  • Аргылараз аҳәынҭусбарҭа - 7 113 856 мааҭ Гәдоуҭа араион, Лыхнашҭа акәырша аремонт азы;
  • Аргылараз аҳәынҭусбарҭа - 332 920 мааҭ ареспубликатә санитартә–бактериологиатә лабораториа аҵакыраҿы адренаж ашьақәыргыларазы;
  • Аргылараз аҳәынҭусбарҭа - 220 000 мааҭ Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" атепловизор ақәыргылараан ахыб аҟаҵаразы;
  • Аҳәынҭветеренартә маҵзура - 200 000 мааҭ, абгақәа, абгалаџқәа, абгахәыҷқәа рышьразы агәазыҟаҵара аҳасаб ала;
  • Аминистрцәа реилазаара аппарат - 58 003 мааҭ, ИА "Афганистан еибашьуаз аԥсуа ветеранцәа реидгыла" асовет ар Афганисҭан ралгара 31 шықәса ахыҵра инадҳәаланы имҩаԥнаго аветеранцәеи асасцәеи рыдкылара аиҿкааразы;
  • Аҵара аминистрра - 400 000 мааҭ, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы аҟәатәи аспорттә школ тхеквондо асекциаз аспорттә маҭәахәқәа раахәаразы;
  • Аҵара аминистрра - 5 767 057 мааҭ, Гәдоуҭа ақалақь абжьаратә школ №3 азы аҩнымаҭәа аахәаразы.

Анапынҵа анагӡашьа ахылаԥшра рнапы иануп Афинансқәа рминистрреи Аминистрцәа реилазаареи.