"Аԥсны иқәынхо ажәлар авирус рацәыхьчаразы иҟаҵақәоу ашьаҿақәа зегьы, ииашоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Мчыбжьык планла ашколхәыҷқәа ирзаԥҵәаз аԥсшьарамшқәа арахь ҳааханы имҩаԥаагеит, аха аԥкрақәа еиҭа ирыцҵан. Иахьазы, макьана иҳазҳәаӡом аҭагылазаашьа шыҟало, еицәахар аԥсшьарамшқәа еиҭа иацҵатәхоит, усҟан уи аҵаратә процесс, хымԥада ианыԥшуеит. Ҩышыкәса раԥхьа иҟан аҭагылазаашьа ичмазаҩхаз ахәыҷқәа анырацәаха, хымчыбжь рҟынӡа иоушьҭын, анаҩсан аҵаратә процесс ианымԥшыртә еиԥш аҵарашықәс иацҵан. Уажәазы аҭагылазаашьа шыҟоу ала ҩымчыбжь аҵаратә процесс ианыԥшӡом, аха иҵегьы аԥсшьарамшқәа ирыцҵатәхар, усҟан аҵарашықәс арыцхә анахара ҳақәшәоит", - азгәеиҭеит Какоба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ашколхәыҷқәа рыԥсшьарамшқәа ирыцҵахоит
Асанитартә ҳақьым хада: Аԥсны акоронавирус ашьҭамҭа ыҟам