Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит

Хәажәкыра 20 асааҭ 08:30 рзы Аҟәа, Ешба имҩаҿы игылаз аевкалипт хжәан, аҩнеихагылақәа руак иақәҳаит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аҟәа, Ешба имҩаҿы игылоу анхарҭаҩны аевкалипт ақәҳаит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы амцарцәареиқәырхаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит

"Аевкалипт жәбаны еихагылоу аҩны иақәҳаит. Уи адагьы амашьынақәа ҩба ԥҽит, урҭ аӡәгьы дырҭатәамызт. Иара убасгьы актәи инаркны аԥшьбатәи аихагылаҟынӡа аԥенџьырқәа ԥҽит", - иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь аҿы аевкалипт анхарҭаҩны иақәҳаит

Уажәазы аҭыԥ аҿы акоммуналтә маҵзурақәа аус руеит аҵла ԥҟаны ақәгаразы. Амҩаду аҿы амашьынақәа рныҟәара аҵла ахькаҳаз иаԥырхагамхеит иҳәеит Ҭемыр Кәыҵниа.