Арадио

Кәыҵниаԥҳа адәныҟатәи ахәаахәҭразы: иҭышәынтәаланы иазҳауеит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы астатистикеи анализ аҟаҵареи аусбарҭа аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иахьа адунеи аҟны аларҵәара змоу ачымазара ҿкы акоронавирус атауареикәшара, адәныҟатәи ахәаахәҭра анырра шанаҭо атәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа адәныҟатәи ахәаахәҭразы: иҭышәынтәаланы иазҳауеит

"Аԥсны адәныҟатәи ахәаахәҭра аҵыхәтәантәи ҩымзи бжаки ирылагӡаны атауареикәшара 4 миллиардки 500 миллион рҟынӡа инаӡеит, ҵыԥхтәи арбага иаҿҳарԥшуазар, 190 миллион мааҭ рыла. Иалкааны тауарқәак рыхә азҳаит ҳәа ҳазҳәаӡом, еиуеиԥшым ахкқәа шааргац иааргоит. 70 процент атауарқәа Урыстәылантәи иааргоит. Аԥсныҟа иҭагалан атауарқәа ари ашықәс азы х-миллиардк рыхә рҟынӡа. Ҵыԥхтәи ашықәс арбага иаҿырԥшны 520 миллион мааҭ еиҳауп. Еиҳарак уи афатә, абылтәы, автомашьынақәа, ахәшәқәа роуп. Афатәқәа ртәы ҳҳәозар, сынтәа иҭагалоу рыхә 93 миллион мааҭ еиҳауп ҵыԥх иаҿырԥшны. Ари арбага егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны акыр иазҳаит ҳазҳәом, аха иҭышәынтәаланы ишазҳац иазҳауеит. Китаи ицәырҵыз ачымазара ҿкы Аԥсны атауареикәшара ианыԥшит ҳәа макьана иҳазҳәом", - ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: