АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла, уажәтәи аамҭазы алхыҩцәа рааишьа уахәаԥшуазар, алхрақәа шьақәгылоит, уи азы 50% рыбжьы арҭар злакәу ала.
"Ауаа рааишьа бзиоуп, уи азы алхрақәа шьақәгылап ҳәа агәаанагара ҳамоуп", - иҳәеит Гогьиа.
Иара убас асааҭ 15:00 рҟынӡа Москва рыбжьы арҭахьеит 417-ҩык, Черқьесск - 307-ҩык алхыҩцәа.
12:00 сааҭ рзы иҟаз адыррақәа рыла, ааишьа 23,78% шьақәнаргылон, зыбжьы зҭихьаз рхыԥхьаӡара – 30812-ҩык ыҟан. Ԥыхьатәи ахада иалхрақәа раан 15:00 сааҭ рзы ааишьа 38,41% ракәын иҟаз ҳәа азгәеиҭеит Гогьиа.
Аԥсны иааидкыланы абжьыҭара азин рымоуп 127-нызқьҩык инареиҳаны алхыҩцәа. Рыбжьыҭаратә зин нарыгӡар рылшоит атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа знапаҿы изку, зықәра наӡахьоу атәылауаа.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, хәажәкыра 22 рзы. Ахадарахьы иқәгылоуп хҩык акандидатцәа: Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба.
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа: 43% алхыҩцәа абжьыҭара инеихьеит