Алхрақәа шьақәгылеит: абжьыҭарахь иааихьеит 58,85% алхыҩцәа

Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, асиақәа ирну алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иартәоит 131 817-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Асааҭ 18:00 рзы атәыла ахада иалхразы рыбжьы арҭахьеит 58,85% алхыҩцәа ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада. Уи иаанагоит алхрақәа шьақәгылеит ҳәа ауп. Зеиԥш хыԥхьаӡарала зыбжьы азҭаз рхыԥхьаӡара 77573-ҩык ыҟоуп асиаҿы иану 131 817-ҩык рахьтә.

Уажәазы алхыҩцәа рааишьа абас иҟоуп:

Алхрақәа шьақәгылеит: абжьыҭарахь иааихьеит 58,85% алхыҩцәа

Москва рыбжьы арҭахьеит 724-ҩык алхыҩцәа, Черқьесск акәзар - 410-ҩык.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: