АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы хиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа АКХ апресс-центр аҿы.
Иара иҳәеит амш ахы-аҵыхәа асааҭ: 12:00, 15:00, 18:00, 20:30 рзы Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы ишымҩаԥгахо абрифингқәа.
Хәажәкыра 23 асааҭ 11:00 рзы Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥгахоит абрифинг – абжьыҭара заанаҵтәи аихшьаалқәа рзы иҳәеит Ҭамаз Гогьиа.
Ареспублика ахада иалхра рхылаԥшразы ашәҟәы иҭагалоуп аделегациақәа ԥшьба: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, аилазаара "Адемократиеи ажәларқәа рзини" аҳәынҭқарра-лахәылацәа Рпарламентбжьаратә Ассамблеиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика рхаҭарнакцәа.
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ахада иалхрақәа: акандидатцәеи урҭ рхаҭыԥуааи