Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа: 43% алхыҩцәа абжьыҭара инеихьеит

Аԥсны ахада иалхрақәа ирылахәуп хҩык акандидатцәа – Адгәыр Арӡынба, Аслан Бжьаниа, Леонид Ӡаԥшьба. Алхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхратә ҭыԥқәа 152 рҟны иара убас анҭыҵ – ақалақьқәа Москвеи Черқьесски. Алхрақәа мҩаԥыслоит ахәылбыҽха 20:00 сааҭ рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Асааҭ 15:00 рзы атәыла ахада иалхразы рыбжьы арҭахьеит 43,29% алхыҩцәа ҳәа аанацҳауеит ацентртә алхратә комиссиа.

  • Аҟәа - 36,5%
  • Гагра араион- 42,2%
  • Гәдоуҭа араион - 47,46%
  • Аҟәа араион- 47,65%
  • Гәылрыԥшь араион - 47,92%
  • Очамчыра араион - 48,94%
  • Тҟәарчал араион - 44,32%
  • Гал араион- 57,2%

Абжьыҭара азин рымоуп 127 000-ҩык инареҳаны алхыҩцәа. Уажәазы рыбжьы рҭихьеит 56 673-ҩык.

Аԥсны ацентртә алхратә комиссиа: 43% алхыҩцәа абжьыҭара инеихьеит

Москва, асааҭ 15:00 рзы рыбжьы арҭахьеит 417-ҩык, Черкесск –307.

Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иажәақәа рыла абжьыҭараан аилагарақәа аҭыԥ рыман ҳәа дыррак ыҟам.

Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik Аԥсны а-Telegram каналаҿы, иара убас асаит аҟны ицо аонлаин текст аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: