Еилагарада, иҭышәынтәаланы: ихыркәшоуп Аԥсны ахада иалхрақәа

Хәажәкыра 22 асааҭ 18:00 рзы 58,85% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит (77573-ҩык). Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Аԥсны, Москва, Черқьесск.
Sputnik

Зынӡа атәылаҟны абжьыҭара мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москвеи Черқьесски Аԥсны атәылауаа рыбжьы арҭар рылшон. Зынӡа абжьыҭаразы азин рымоуп 127 нызқьи 232-ҩык алхыҩцәа.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла ахада иалхра аихшьаалақәа мҩаԥгахоит ашәахьа, хәажәкыра 23, асааҭ 11:00 рзы ҳәа.

Иара иазгәеиҭеит зыбжьы зҭииз рхыԥхьаӡара иаҿырԥшны алхрақәа мҩаԥгахеит ҳәа ишшьоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: