Владимир Путин Аслан Бжьаниа дидныҳәалеит

Аԥсны ахада иеиҭалхра мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Аԥсны АКХ заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%).
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа идиныҳәалеит Аԥсны ахадас иалхра ҳәа аанацҳауеит Кремль асаит.

"Ажәлар ргәаҳәара аарԥшра зманы имҩаԥгаз алхрақәа рҟны аиааира ахьыжәгаз иаршаҳаҭуеит шәџьынџьуаа рҟны аҳаҭыр ду шшәымоу", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Урыстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысыз алхрақәа ахәшьара рырҭеит

Путин иазгәеиҭеит Бжьаниа аус ицура дшазыхиоу "Аԥсныи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы рырӷәӷәара аганахьала".

"Сақәгәыӷуеит шәара аҳәынҭқарра аиҳабык иҳасаб ала шәусура Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аиқәыршәара, жәларбжьаратәи аренаҿы шәтәыла аинтересқәа рыхьчара ирызкхап ҳәа", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны.

Аԥсны АКХ заанаҵтәи, хәажәкыра 23 азтәи адыррақәа рыла, аԥыжәара иоуит Аслан Бжьаниа (56,5%), анаҩс дцоит Адгәыр Арӡынба (35,42%), уи инаҩс - Леонид Ӡаԥшьба (2,22%).

Бжьаниа иоппонентцәа ииааира азхаҵаны идырныҳәалеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: