Аҟәа араион ахада ԥхьатәара ацаразы арзаҳал иҩит

Валери Смыр Аҟәа араион ахадас дыҟан 2017 шықәса ԥхынгәымза аахыс. Уаанӡа ари аҭыԥ дахагылан Беслан Аҩӡба.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа араион ахада Валери Смыр инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы арзаҳал шиҩыз атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит хәажәкыра 23 рзы.

"Сара хатәгәаԥхарала арзаҳал зҩит. Иахьатәи аамҭазы Аҟәа араион ахада инапынҵақәа неигӡалоит актәи схаҭыԥуаҩ Алхас Ҷыҭанаа", - иҳәеит Смыр.

Валери Смыр асеиԥш аҟаҵара мзызны иамоу атәы имҳәеит.

Валери Смыр Аҟәа араион ахадас дыҟан 2017 шықәса ԥхынгәымза аахыс. Уаанӡа ари аҭыԥ дахагылан Беслан Аҩӡба.