Аԥсны аџьармыкьақәа зегьы адыркуеит акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иҟаиҵаз адҵала, Аԥсны мшаԥы 7 рҟынӡа иалагалоуп акоронавирус аламҵәаразы адҵа ҿыцқәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Амаҭәа ахьырҭиуа рыдагьы, афатә ахьырҭиуа аџьармыкьақәагьы адыркуеит  хәажәкыра 27 ауха инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аџьармыкьа хада аиҳабы Алхас Гәыргәлиа.

Иара иазгәеиҭеит атәыла зегь аҟны аџьармыкьақәа шаркхо.

"Иаха Аҟәа ақалақь ахада Кан Кәарҷиа иҟны аилатәара мҩаԥган, уи дҵас иҳаиҭеит аџьармыкьа зынӡа иаркызааит ҳәа. Амаҭәаҭирҭа "Сухумприбор" аркхоит, афатә ахьырҭиуа аџьармыкьа хадагьы",  - иҳәеит Гәыргәлиа.

Аҟәатәи аџьармыкьа хада аиҳабы иара убас адырра ҟаиҵеит ашьыжь аџьармыкьа анапхгареи иареи шеиҿцәажәаз, аусзуҩцәа адҵа рыҭан аҽазыҟаҵаратә усура мҩаԥыргар азы, аҭиҩцәа, ахәаахәҭырҭақәа реиҳабацәа, иара убас иахьа иаҭааз аахәаҩцәа ирарҳәеит уаҵәы инаркны аџьармыкьа аусура шаанкылахо азы.

Ачарақәа, аҵара, аџьармыкьа, атранспорт: акоронавирус аҽацәыхьчаразы адҵа ҿыцқәа

"Ҩымш рыҭоуп ртауар зегьы рҭирц, аахәаҩцәа ирҭаху атауарқәа аархәарц азы. Ахәаша ауха инаркны аџьармыкьа аҳаркуеит", - иҳәеит Гәыргәлиа.

Иара убас Аҟәа ахадараҟны имҩаԥысыз аилатәараҟны иалацәажәон ақалақь аҿы иҟоу афатәҭирҭақәа рызҵаарагьы.

"Иахьынӡаздыруа ала афатәҭирҭа маҷқәа аус рулоит, ауаа ҩналар ахьрылымшо, агәаран ахьыҟамло, метрак-метрак рыбжьазар ахьалыршахо адәқьан маҷқәа. Мамзаргьы афатәҭира ахышәқәа рҟынтәи иалыршахар ахьыҟало. Абарҭ азҵаарақәагьы иацы ҳрылацәажәон, аха макьана иӡбаны иҟам", - иҳәеит Аҟәатәи аџьармыкьа хада аиҳабы.

Амилициа, амедицинатә усбарҭақәа, аԥҭекақәа русура ааныркылом, азгәеиҭеит Гәыргәлиа.