Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо даҭоуп

Аида Чачхалиа Тҟәарчал араион ахада имаҵураҟынтәи лхы лақәиҭтәразы аусԥҟаҿы иарбан араион ахада инапынҵақәа назыгӡо изы адҵагьы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо изы аусԥҟа инапы аҵаиҩит араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа ԥхьатәара данца ашьҭахь.

"Аамҭала Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа наигӡалааит араион ахада лхаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа", - аҳәоит аусԥҟаҟны.

Тҟәарчал уаанӡатәи ахада Аида Чачхалиаԥҳа ԥхьатәара дцеит ахаша, хәажәкыра 25 рзы. Уи уаанӡа илҳәахьан Аԥсны ахада иалхрақәа рышьҭахь, урҭ рылҵшәақәа зеиԥшрахалакгьы, лмаҵура шаанлыжьуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: