Арадио

Тыҩԥҳа Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аусушьазы: хәшәыла ҳаиқәшәоуп

Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭаҿы акоронавирустә карантин шеиҿкаау атәы насгьы ачымазаҩцәа ацхыраара шрырҭо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит амедиаҳәшьа Емма Тыҩԥҳа.
Sputnik

 

Тыҩԥҳа Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аусушьазы: хәшәыла ҳаиқәшәоуп

"Ашьыжь аусура ҳшааилак ҳшоурақәа ҳшәоит, ахәшәқәа рыла ҳаиқәшәоуп, асабрадақәа роуп иҳагу, аха урҭгьы ҳхала аӡахра ҳаҿуп, уи азы аԥҭекақәа рҿы иҳарҭеит иҷыдоу аба. Егьырахь, адашьма, ашә амаақәа уҳәа злаҳрыцқьо амаҭәахәқәа ҳамоуп. Ахьҭалалара уҳәа зманы иҟоу маҷуп, иааиз ирыхәаԥшуеит, ашоура змоу ахәшәқәа рзылҩааны аҩныҟа ирышьҭуеит. Ҳхәышәтәырҭақәа рҿы иҷыдоу апалатақәа ырмазеины иҳамоуп зыӡбахә ҳамоу ачымазаразы. Егьырҭ зыца зыхьыз, зҷаҷа зыхьыз инарыхәаԥшны аҩныҟа инеиуеит, ацхыраара лассы аус ауеит, ааԥхьара шаароулак, иҟаҵатәу нараҳәаны аҩны ирхәышәтәуеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Тыҩԥҳа.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: