Апациентцәа рзы "аихшаратә пункт" аадыртуеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа ашҭаҿы

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зыхьуа ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам, аха уи аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа рыдыркылоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Апациентцәа рзы "Аихшаратә пункт" аадыртуеит Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҩналарҭа аҿаԥхьа, абри атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аиҳабы Андзор Гоов.

"Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара ҳаҳәеит аихшарҭатә ҭыԥ аҳасабала амшьамбақәа ҳаргыларц. Уи заҭаху ашоура змоуи егьырҭ апациентцәеи хаз-хазы ргәаҭаразоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гоов.

Иара иажәақәа рыла, арҭ амшьамбақәа рҿы аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылалоит, иҭырҵаалоит, Ареспубликатә хәышәтәырҭа иахьахәҭоу аҟәшақәа рахь ирышьҭлоит.

Ԥсоу аҳәааҿы АҶА амедикцәа уахыки-ҽнаки рыла русура шымҩаԥысыз

Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевттә ҟәша аиҳабы Анжела Арҷелиаԥҳа излалҳәаз ала, арҭ рҩызцәа амшьамбақәа рыԥшаара мариамызт, ари азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ҟанаҵеит АҶА. Урҭ маругала ишеиқәыршәахо атәы еилкаахоит ахәаша, хәажәкыра 27 рзы.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зыхьуа ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылам.

Уаанӡа "аихшаратә пункт" еиҿкаан Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭаҟны.

Акоронавирус Аԥсны аламырҵәара иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>