"Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу зегьы ауҳажьуеит, аха ашоура змоу аӡәыр дыҟазар, ддәықәаҳҵоит Гәдоутатәи ахәышәтәырҭахь, иара дицзаауеит асменаҟынтә амедицинатә усзуҩы. Ҽнак фҩык ҳаҟоуп, хәҩык амедиаҳәшьцәа, нас аҳақьым. Ашьыжь инаркны ҳзыԥсахуа агәыԥ шааилак русура иалагоит, агәаҭарақәа цоит атепловизор ала, уи иаҳнарбар ауаҩы ашоура шимоу, анаҩс еиҭа дгәаҳҭоит иаабац амцашоура ашәагақәа рыла. Иахьазы аӡәгьы ишьҭахьҟа даҳмышьҭыц. Ирацәоуп ауаа иаауа, аха автобусқәа рыла аӡәгьы иоурышьҭӡом. Егьыс Урыстәыла атәылауаа Аԥсныҟа иаауа рҟынтә амцашоура змоу дҟалар, Шәачатәи ахәышәтәырҭахь адырра раҳтоит, дара иааны иргоит рчымазаҩцәа, аха ус еиԥш иахьа иҟаҳамҵац. Ҳусуразы еиԥҟьара ҳамаӡам, иаҭаху амыругақәа рыла ҳаиқәшәоуп, ара акраҳфартә еиԥш аҭагылазаашьагьы ҳзаԥҵоуп", - ҳәа азгәалҭеит Џьапуаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ԥсоу аҳәааҿы АҶА амедикцәа уахыки-ҽнаки рыла русура шымҩаԥысыз