АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи анаплакы "Мода-Текс" акырынтә ахархәара зуҭо амедицинатә ҿаршәқәа (асабардақәа) рыӡахразы хаҭалатәи аҿаҵақәа рыдыркылоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ателье аиҳабы Ламара Махариаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵа инақәыршәаны анаплакы аԥыжәара анаҭоит амедицинатә усҳәарҭақәа рзы асабардақәа рыӡахра.
"Абри анаҩс ҳара хаҭалатәи аҿаҵақәа ҳадаҳкылоит. Атәылауаа асиа ианаҳҵоит, нас аҭел ҳарзасны ираҳҭоит. Иахьазы хә-нызқь цыра рзы аҿаҵа ҳадаҳкылахьеит. Асабардақәа аҭирҭақәа рҿы иҟам", - лҳәеит лара.
"Мода-Текс" амодельер-конструктор Амина Гамсаниаԥҳа лажәақәа рыла, ауаажәларраҿы ауҳәан-сҳәан рылоуп асабардақәа цырак шә-мааҭк иаԥсоуп ҳәа. Уи иашам. Асабарда ахәԥса 35 мааҭ иҟоуп.
Ахәԥса аханатә иазыԥхьагәаҭан. Ҳара ҳусура аамҭа уаанӡа ишыҟаз иҟоуп: 9:00 - 18:00, зны-зынла аусутә шҳамоу еиԥш асааҭ 22:00 рҟынӡа инаагоит. Бжьаратәла ҟазак мышкала 50 цыра иӡахуеит", - лҳәеит лара.
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵа инақәыршәаны анаплакы аԥыжәара анаҭоит амедицинатә усбарҭақәа рзы асабардақәа рыӡахра.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ԥсоу аҳәааҿы АҶА амедикцәа уахыки-ҽнаки рыла русура шымҩаԥысыз