Урыстәыла акарантин иқәымныҟәо ауаа ахараԥса ддыршәалоит

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҩнуҵҟа коронавирус рымоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп иааидкыланы 840-ҩык ауааԥсыра рҟны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Урыстәыла акарантин иқәымныҟәо ауаа ахараԥса ддыршәо иалагоит. Абри атәы азы административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкылахь араишарақәа аларгалараны иҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа иаҭаауа рхыԥхьаӡара иагнархоит акоронавирус азы

"Иҟоуп ауаа ахара имхәыцуа. Урҭ рымхәыцра дара рхаҭақәа рыдагьы рыкәша-мыкәша иҟоу ашәарҭара иҭанаргылоит", - иҳәеит аԥыза-министр Михаил Мишустин Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Аштрафқәа алагалахоит ахазхаҿқәа рзеиԥш аиурист хаҿқәа рызгьы.

Абарҭ ариашарақәа рзы азакәан апроект инақәыршәаны акарантин еилазго миллионбжак инаркны ҩ-миллионк рҟынӡа ахараԥса рықәырҵар ҟалоит, иара убасгьы – рзанааҭ ала аусура азин амҭара.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа иазгәаҭоуп 18 регион рҟны 182 чмазаҩы. Зынӡа иааидкыланы ачымазара рымоуп 840-ҩык (546—Москва), 38-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, ҩыџьа ԥсит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар шәылшоит абра>>