Адәыӷба Аҟәа - Москва аныҟәара аанкылахоит хәажәкыра 30 инаркны

Хәажәкыра 30 инаркны Москвантәи, мшаԥы 1 инаркны Аҟәантәи ицо ареисқәа аԥыххоит. Аныҟәара аиҭахацыркра атәы хазы ирылаҳәахоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Апассаџьыртә дәыӷба № 305/306 Москва – Аҟәа аныҟәара аамҭала иаанкылахоит хәажәкыра 30 инаркны акоронавирустә инфекциа аларҵәара алмыршаразы ҳәа аарыцҳауеит Урыстәылатәи аихамҩақәа рсаит аҟны.

"Адәыӷба № 305 Москва – Аҟәа, Москвантәи хәажәкыра 28 рзы идәықәлаз аангыларҭа Адлер аҟынӡоуп иахьнеиуа. Адәыӷба № 306 Адлерынтә хәажәкыра 31 асааҭ 01:06 иқәҵуеит уаанӡатәи аихшанҵала", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахархәара змауз абилеҭқәа рырхынҳәра алшоит иахьаархәаз атәыла аҵакыраҿ иҟоу иарбанзаалак аихамҩатә кассаҿы.

Урыстәыла иара убасгьы аҳәаақәа рҿы автомобилтә, аихамҩатә, аӡытә, ашьапылатә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рхысра ааннакылеит.

Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы иҟоу аҭагылазаашьа атәы шәаԥхьар ҟалоит абра>>