АҞӘА, мшаԥымза 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи аԥҭека "Лекарь" ауааԥсыреи амедицинатә усбарҭақәеи хәыда-ԥсада арзҩыдагәгақәа рзашоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥҭека зтәу, аха ихьӡ аҳәара иҭахымхеит.
Иара иажәақәа рыла, инапылаҟаҵароу антисептик абарҭ амаҭәашьарқәа ирылхуп: аетил спирт, аӡри аиқәыҵәыҵә, аглицерин, ирыцқьоу аӡы, афҩырхаага. Арзҩыдатәга аԥҭекаҿы иршо иалагеит хәажәкыра 31 рзы, уаанӡа излахәҳахәҭуаз антисептикқәа нҵәеижьҭеи хәымш инареиҳауп. Уахыки-ҽнаки рыла 200 мл иҟоу ҩ-нызқь флакон ршара иахьӡеит.
"Зны-зынла аҟаҵарагьы ҳахьӡаӡом, изҭаху убысҟаҩык ирацәоуп. Хәба-хәба литр ҭаҭәаны амедицинатә усбарҭақәа рахьгьы иҳашьҭит. Аӡәы флаконк ауп инапаҿы иаҳҭо. Знык ианааих ԥыҭк ргар рҭахуп, аха ус иалҵӡом", – ҳәа азгәеиҭеит аԥҭека аԥшәма.
Макьана Аҟәа аҩнуҵҟоуп хәыда-ԥсада арзҩыдатәга ахьыршо. Аԥҭека зтәу иажәақәа рыла, араионқәа рахьгьы анагара ргәы иҭоуп, еиҳаны аҟаҵара рылшо ианыҟалалак.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>