АҞӘА, мшаԥымза 1 - Sputnik. Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда – акоменданттә сааҭ иқәныҟәоит, еилагарак азгәаҭам ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Омар Бганба.
"Зегьы ирдыруеит акоменданттә сааҭ шалагалоу, аӡәгы уи еилеигом. Ауаа аҭагылазаашьа зеиԥшроу бзианы еилыркаауеит ", - иҳәеит иара.
Бганба иажәақәа рыла, акоменданттә сааҭ алагалара аӡәгьы гәыҩбара инаҭом, избанзар еилыркаауеит уи дара рыԥсҭазаарақәа ахьчар шалшо. Уи адагьы Бганба иҳәеит арҭ амшқәа рзы Егры аӡиас ала аӡәгьы изакәанымкәа аҳәаа дшахымсыц.
Уаанӡа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Акоронавирустә ҿкы аламырҵәаразы Акоординациатә штаб алахәыла, адепутат Алхас Џьынџьал иҳәеит Гал араион аҟынтәи ачымазаҩ адиагноз "акоронавирус" шылзықәдыргылаз, Жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭаҿы дшышьҭоу.
Хәажәкыра 30 рзы Гал араион ахь ицо амҩақәа зегь ркит азинхьчаратә усбарҭақәа.
Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.
Ақалақь иалалои иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Бганба адҵа ҟаиҵеит аҳәаанырцәынтә иаауа акарантин ахьырхыргаша аҭыԥқәа рхиазарц
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>