Абанк аԥсахыҩцәа руал арԥсыҽуеит

Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьгоуп ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы акредит аԥсахыҩцәа ркатегориақәак аштрафтә санкциақәа рықәрымҵарц.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьнагеит аԥсахыҩцәа, ареспубликаҿы иалагалоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы зфинанстә лшара еиԥҟьаз, руал арԥсыҽырц. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Амилаҭтә банк асаит.

Зуалқәа дырԥсыҽуа рахь иаҵанакуеит:

  • зулафахәы, зтәанчахәы аанкылоу ма заагарҭа еиԥҟьоу убри инадҳәаланы ианаамҭоу зуал ззымшәо ахатәхаҿқәа.
  • зынхамҩатә усура аанкылоу аиурист хаҿқәеи анаплакыҩцәеи.

Иарбоу акредитқәа рыла зыҿҳәара иахыԥоу ауалқәа мшаԥы 1 азы мызк рхылазар, урҭ рашәара 30 рҟынӡа арезерв аиҿкааразы ирԥсыҽуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Рашәара 30 рҟынӡа иара убасгьы арезерв еиҿкаатәуп аҭагылазаашьа ҷыда аналагалаха ашьҭахь зфинанстә ҭагылазаашьа ахәшьара лаҟәыз ауалҟаҵаҩцәа рырԥсах азы ацәыӡқәа азыԥхьагәаҭаны.

Мшаԥы 1 азы ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа еиӷьызтәуа ақәҵара инапы аҵеиҩит. Уи инақәыршәаны, ихымԥадатәиу атауарқәеи ахәшәқәеи алагалатә ҳазалхратә баџь рықәхуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аминистрцәа реилазаара ихымԥадатәу атауарқәа раагаратә баџь рықәнахит лаҵарамза 1-нӡа