Аԥсуа туристтә бизнес аҭагылазаашьа ҷыда иқәныҟәоит

Хәажәкыра 29 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа атәыла асасааирҭақәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа рҿы аномерқәа заанаҵтәи рҿаҵара аанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥсны атуристтә бизнес иаԥҵоу акарантин иқәныҟәоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.

"Акарантин шә-процентк иқәныҟәоит. Ауаа рыхдырра ҳаракуп. Аӡәгьы иҭахам апандемиа ахыҵхырҭаҿы дгылазарц. Ҭабуп ахысҳәаауеит ауаа иҟоу аҭагылазаашьа рҽахьадныршәо", - иҳәеит иара.

Иахьазы аԥсшьарҭа ҩнқәа рҿы ԥшьҩык ыҟоуп ҳәа иҳәеит иара.

"Уаҳа аӡәгьы дыҟам, аӡәгьы дааӡом. Иара убасгьы иаанкылоуп аекскурсиатә усмҩаԥгатәқәа. Зегьы еилаҳкаауеит амилаҭ ргәабзиара аҵак ду шамоу", - иҳәоит Барцыц.

Иара атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акарантин еиларымгаларц, иааирԥшит агәыӷра еидгыларыла, ҳәоуеиқәшәала иҟоу аҭагылазаашьа аиааира алшап, акурорттә сезонгьы ҽазыҟаҵарыла иаԥылап ҳәа.

Убри аан иара иазгәеиҭеит атуризм аусхк ацәыӡ маҷымкәа ишамоу.

Хәажәкыра 29 инаркны асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа, аотельқәа рҟны иҟазарц зылшо амаҵзуратә ныҟәарала иааз шракәу.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>