Авариа иахҟьаны Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит

Аҟәатәи аӡыканал анџьныр хада Мераб Анқәаб адырра ҟаиҵеит мшаԥымза 2 рзы аӡымҩангагаҿы авариа шыҟалаз.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахәҭак ӡыда иаанхеит иҟалаз авариа иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҟәатәи аӡыканал анџьныр хада Мераб Анқәаб.

"Уажәазы ӡыда иҟоуп Аҳабла жәытә, ашьхара иаԥну араионқәа, ақалақь агәаҿгьы аихагыла ҳаракқәа рахь аӡы халом. Абригада аус руеит, ҳгәыӷуеит хәылԥазынӡа аусурақәа хыркәшахап ҳәа" - иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла, аӡыҭгага иаҿыгоу аӡымҩангага ҭҟәацит.