Гал акоменданттә сааҭ еилагарада иқәныҟәоит

Асааҭ 20:00 инаркны азинхьчаратә усбарҭақәеи Гал араион ахадара аусзуҩцәеи ақалақь иалсуа арупор ала ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит акоменданттә сааҭ азы рыҩнқәа ирдәылымҵларц.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥымза 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гал араион аҿы акоменданттә сааҭ еилазгаз уаҩ дшьақәыргылам ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Генрих Ҭыжәба.

Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҷыда еиламгакәа иқәныҟәоит

"Асааҭ 20:00 инаркны азинхьчаратә усбарҭақәеи Гал араион ахадара аусзуҩцәеи ақалақь иалсуа арупор ала ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит. Ақалақьи акәша-мыкәша иҟоу акалҭқәеи зегьы ирылсуеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҭыжәба иҳәеит араион ауааԥсыра азакәан шеиларымго, иҟоу аҭагылазаашьагьы шеилыркаауа.

"Акоменданттә сааҭ зегьы ықәныҟәоит. Зегь ҭынчроуп", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.

Хәажәкыра 31 рзы ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иусдҵала Гал араион зегь аҿы ирӷәӷәоу акоменданттә сааҭ алагалоуп (20.00 – 07.00).

Абри аамҭазы адәахьы адәылҵра ҟалом, ауааԥсыра рыҩны иҟазароуп.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>