"Ацхыраара раҳҭоит аҭаацәара дуқәа, зымч маҷу, зықәра дуу, ахәыҷы рацәа ахьыҟоу. Ауаа иҳарҭоит адырра дара ахьынхо, нас ҳара иганы рыҩнаҭақәа рҿы иаанҳажьуеит афатә. Ҩажәеи хәба ҭаацәа ацхыраара раҳҭахьеит. Иара убри адагьы ирзаҳшоит асабрадақәеи анапҭырԥақәеи. Бзыԥҭа аҳаблаҿы ҳаҟоуп жәаҩык аҷкәынцәа, Гәдоуҭагьы ацхыраара ҳҭахуп ҳәа иҳарҳәан уахьгьы ирзаҳшеит. Ус Пицундеи Гагреи ақалақьқәа рҿы аволонтиорцәа аус руеит. Аволонтиорк иаҳасабала ауаа ацхыраара рыҭара аус сгәы иаҭахны сҽазыскит. Егьыс сырҵаҩуп, ахәыҷқәа арратә ҽазыҟаҵара амаҭәар дсырҵоит. Ауаа рахь аҳәара ҟаҳҵоит аҩны итәазарц, рхы иацклаԥшларц", - ҳәа азгәеиҭеит Кьетиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҷкадуаԥҳа: имариам аамҭазы ацхыраара зҭаху ҳрызнеиуеит
Аволонтиорцәа абыргцәа ахәшәқәа рызнаргалоит