Арадио

Ҷкадуаԥҳа: имариам аамҭазы ацхыраара зҭаху ҳрызнеиуеит

Очамчыра ақалақь аҟны еиҿкаау аволонтиортә ӷәыԥ алахәыла Лана Ҷкадуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ацхыраара зҭаху ауаа рсиа шышьақәдыргыло, хәшәыла, фатәыла реиқәыршәара аиҿкааразы.
Sputnik
Ҷкадуаԥҳа: имариам аамҭазы ацхыраара зҭаху ҳрызнеиуеит

"Иахьа аамҭа мариам, насгьы иҟоуп аҭаацәарақәа, убас еиԥш ауаа, иаҳа ацхыраара зҭаху. Аволонтиортә гәыԥ ҳалахәуп активра аазырԥшуа ақалақьуаа. Уажәы асиа еиқәҳаршәоит Аҟәаҟа идәықәҳҵарц абыргцәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәа рзы  афатә, ахәшәқәа  аарышьҭырц. Уи ақалақь мацара азы акәӡам, ақыҭақәа рахьгьы хнеирц ауп. Макьаназы асиа аиқәыршәара ҳаҿуп, ҳхатә ԥарала уажәазы ҳрызнеиуеит ацхыраара зҭаху, иаҳдыруа ауаа рахь", - лҳәеит Ҷкадуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: