Аҟәа ақалақь аҿы акоронавирус аҿагыларатә уснагӡатәқәа дырӷәӷәоит

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа ҷыдала хылаԥшра аиҭалоит аҳҭнықалақь аҿы акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ауснагӡатәқәа шымҩаԥырго.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа "Акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы ауснагӡатә цҵақәа рзы" аусдҵа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит ахадара асаит.

Иреиӷьу ахәшә – аҩны атәароуп: Кан Кәарҷиа аҳҭнықалақь ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит

Аусдҵа инақәыршәаны, Аҟәа аҩнуҵҟа азеиԥш крыфарҭақәа аркхоит, аҩныҟа ахәы назго рыда.

"Ухала ухы амаҵ ахьазууа адәқьанқәа рыда егьырҭ адәқьанқәа зегьы аҿышә-ҟазшьала русура еиҭаркуеит. Аҭааҩцәа азал ахь иҩнарҵом. Агәаран иқәгыло аҭааҩцәа метрак-метрак рыбжьаны игылазароуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы аҳҭнықалақь адәқьанқәа рҿы ача амакәан иҭамҵакәа аҭира азин ҟаҵахом. Мшаԥы 3 инаркны абзазаратә химиеи анхамҩатә тауарқәеи ахьырҭиуа рыда егьырҭ адәқьанқәа аркхоит.

Иара убасгьы ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа анапынҵа рыҭоуп аҳәаанырцәынтә иаауа ахаҿқәа рхыҵәахра арежим ишықәныҟәо иахылаԥшларц.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>