Хецуриани илныруаз ауаа акоронавирус рымам

Нино Хецуриани, Москвантәи Аԥсныҟа хәажәкыра 29 рзы иааз, акоронавирус шлымаз шьақәдырӷәӷәеит ланализқәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Акоронавирус шрымам шьақәыргылахеит Нино Хецуриани, Москвантәи Аԥсныҟа хәажәкыра 29 рзы иааз, илныруаз 11-ҩык ауаа. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

"Акоронавирус шрымам шьақәыргылахеит Хецуриани быжьҩык лыуацәеи ԥшьҩык аҳақьымцәеи", - рҳәеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Нино Хецуриани Москвантәи дааит хәажәкыра 29 рзы ашьыжь, асааҭ 10:50 рзы, аилахәыра "Уральские авиалинии" иатәу ареис U6 407 ала.

Акоронавирус зыдбалаз аԥҳәыс лыкәша-мыкәша иҟаз ауаа шьақәыргылоуп

Аԥсуа-аурыс ҳәаа дахысны Галҟа дцеит. Хәажәкыра 29 ауха Хецуриани Аберқыҭынтәи Жәыргьыҭҟа диаган.

Хәажәкыра 30 рзы Нино Хецуриани акоронавирус анлыдырбала ашьҭахь Гал араион ахь узго амҩақәа зегьы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иадыркит.

Ақалақь аҩнуҵҟа ауаа рынеиааира амилициа ахылаԥшуеит. Араион ауааԥсырагьы иҟалаз ашьҭахь рхы ԥхьаркуеит.

Ирышьҭуа амаҵзурауаа, аҳәаахьчаҩцәа, Акоординациатә штаб алахәылацәа роуп, иара убасгьы атехника ҷыда: Ацхыраара ласқәеи Аԥсны АҶА амашьынақәеи.

Ақалақь иалалоуи иалҵуеи ршоура ршәоит. Аҳәынҭавтоинспекциа агыларҭа ҭыԥ "Канал" аҿы амедицинатә усзуҩцәа гылоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: