Урыстәыла раԥхьатәи арегион уахынла ауаа рныҟәара ааннакылеит

Урыстәыла иахьатәи аамҭазы акоронавирус рыдбалоуп ԥшь-нызқьҩык иреиҳаны, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 30–ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Чечниа асааҭ 20:00 инаркны асааҭ 08:00 рҟынӡа ауаа адәахьы рыҟазаара ԥнакит. Ари Урыстәыла раԥхьатәи арегион ауп уахынла ауаа рныҟәара ахьаанкылахо.

"Мшаԥы хԥа инаркны акарантинтә режим ҳарӷәӷәоит. Уахынла асааҭ 20:00 инаркны асааҭ 08:00 рҟынӡа ауаа адәахьы рыҟазаара ԥкызарц ҳаӡбеит. Уахынлазы аныҟәара азин змоу аиҿкаарақәа, амаҵзурақәа рсиа иахәҭоу аусбарҭақәа идырдыруп", - ҳәа иҩуеит Чечниа ахада Рамзан Кадыров Telegram-канал аҿы.

Кадыров иазгәеиҭеит арҭ ауснагӡатәқәа акоронавирус аламырҵәараз ауснагӡатәқәа ишрыхәҭаку.

Урыстәыла иахьатәи аамҭазы акоронавирус рыдбалоуп 4 нызқьҩык иреиҳаны, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 30–ҩык. Чечниа акоронавирустә инфекциа рымоуп жәаҩык. Аӡәы иԥсҭазаара далҵхьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: