Урыстәыла акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара ԥшь-нызқьҩык ирхыҳәҳәеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтделение для людей с подозрением на коронавирус в Боткинской больнице
Отделение для людей с подозрением на коронавирус в Боткинской больнице - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 601-ҩык акоронавирустә инфекциа рылоуп ҳәа иаарԥшуп, аладатәи арегионқәа рахьтә акоронавирус еиҳарак ирымоуп Ҟәбина иқәынхо ауаа.

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа змоу 601-ҩык аарԥшын. Иааидкыланы ари ачымазара рымоуп 4149-ҩык ҳәа аанацҳауеит аресурс стопкоронавирус.рф.

Иахьазы ачымазара ҿкы ахы аанарԥшит 78 регион рҿы. Аиҳарак аҳҭнықалақь аҿы ирацәаҩны ирыдбалоуп – 2923.

Иахьазы ачымазара астатистика егьырҭ арегионқәа рҟны абасеиԥш иҟоуп:

  • Краснодартәи атәылаҿацә - 39
  • Даӷьсҭан - 25
  • Чечентәи Ареспублика - 12
  • Ставропольтәи атәылаҿацә - 11
  • Ростовтәи аобласт - 9
  • Ҟабарда-Балкариа - 8
  • Адыгеиа - 5

Иацы Урыстәыла ахада Владимир Путин акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ауааԥсыра рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит мшаԥымза нҵәаанӡа ауалафахәы ааныжьны аусурамшқәа шаԥыххо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0