Валери Бганба Аԥсны абжьаратәи абизнес маҷи ацхыраара аҭаразы адекрет ҭижьит

Хәажәкыра 28 раахыс ареспубликаҿы иалагалоуп аҭагылазаашьа ҷыда арежим акоронавирус алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу азы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба арежим ҷыда аҟазараан анаплакытә субиектқәа адгылара рыҭаразы Адекрет инапы аҵеиҩит.

Абри адокумент ахада исаит аҟны икьыԥхьуп.

Абизнесуаа алагаларатә баџь аԥыхразы Бганба инапынҵа пату ақәырҵеит>>

Абизнес маҷи абжьаратә бизнеси акоронавирустә инфекциа COVID-19 иахҟьаны рекономикатә цәыӡқәа реиҵатәразы адгылара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны абарҭ ауснагӡатәқәа рыдкылоуп:

  • усхкқәак рзы ашәахтә ҷыда зшәози апатенттә системала ашәахтә зшәози иарбоу ашәахтәқәа ршәараҟынтәи рхы иақәиҭтәуп 2020 шықәса мшаԥы 1 инаркны лаҵара 31 рҟынӡа;
  • аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳазалхратә шәарақәа (аҳазалхратә баџь, аизга, ахәԥсацҵаз ашәахтә) рыҿҳәара процентда инахоит лаҵара 1 аҟынӡа;
  • аиҿкаарақәа рыҳасабеилыргаратәи, ршәахтәи, рстатистикатәи ҳасабрбақәа рынашьҭра 2020 шықәса мшаԥы 15 аҟынтәи аҭагылазаашьа ҷыда анаԥыххалак ашьҭахь ажәиԥшьтәи амш ахь ииагахоит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра анапы ианҵоуп Адекрет амҩаԥгашьа ахылаԥшра.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>